Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага Чито Аҳмеҭ-иԥа Ҷыҭанаа 27 шықәса ихыҵуан. Иара рҵаҩыс аус иуан, аха изанааҭ ааныжьны абџьар даҵагылеит.
1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага Чито Сталинградҟа дрышьҭуеит. 1943 шықәсазы Сталинград ахәра иоуит. Иара агоспиталь ашьҭахь, игәабзиара аиҭашьақәыргылара аамҭа рацәа анаҭахха, аҩныҟа даарышьҭуеит. Усҟантәи аамҭазы иеибашьратә лшамҭақәа рзы ианаршьахьан "Аиаҵәа ҟаԥшь" аордени хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи.
Чито инысымҩа анҵоуп иԥа Анатоли Ҷыҭанаа иажәақәа рыла.
Инарҭбаау аматериал шәаԥхьар ҟалоит абри азхьарԥш ала —
Аиааира ду ҳзаазгаз — 80 шықәса.