Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилаки Урыстәылатәи Афедерациа ахада иплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи" русецуразы знапы аҵарҩыз аиқәшаҳаҭра — аԥснытәи аспортсменцәа зыҩаӡара ҳараку аспорттә еицлабрақәа рылахәхаразы алшара рынаҭоит, абри атәы иҳәеит Аҳәынҭспортеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ ин.н. Беслан Қарчаа.
🖇 Мшаԥымза 29 рзы астолтә ԥкьаҭмпыл азы Аԥсни Урыстәылеи рфедерациақәа русеицуразы Амеморандум рнапы аҵарҩит. Ахықәкы – ҩ-ганктәи аусеицура арӷәӷәареи астолтә ԥкьаҭмпыл иреиҳаӡоу жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы аларҵәареи роуп.
Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik
асаит аҟны.