Your trial period has ended!
For full access to functionality, please pay for a premium subscription
Message
117
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳаи Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аректор Дмитри Беспалови русеицура арҿиаразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аиԥылараҿы аурыс бызшәеи алитературеи, афилологиеи, ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәеи рзы аспециалистцәа рзанааҭтә ҩаӡара аизырҳара иадҳәалоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит.

Гәынԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит аҵарадырразы азакәан адкылара шхымԥадатәиу.

"Ҳара даара ҳақәгәыӷуеит ари ахырхарҭаҿы ишәымоу шәԥышәеи шәыцхыраареи".
04/30/2025, 14:15
t.me/sputnik_apsny_info/8834
Similar message chronology:
Newest first
Similar messages not found