Акриптовалиута арҳаразы 104 аппарат ылыргеит Очамчыра, Тҟәарчал, Гагра араионқәа рҿы мшаԥы 15 инаркны 30 рҟынӡа, абри атәы
аанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
▪️47 — Ԥақәашь ақыҭан инхо Баҭал Кацәба,
▪️17 — Очамчыра инхо Едуард Голубиов,
▪️3 — Агәбедиа ақыҭан инхо Адгәыр Аршба,
▪️10 — Тҟәарчал инхо Геронти Бигәаа,
▪️9 — Тҟәарчал инхо Альберт Бекир-оӷлы,
▪️4 — Цандрыԥшь ақыҭан инхо Денис Гәымба,
▪️14 — Ԥшьаԥ ақыҭан инхо Сергеи Папазиан.
🖇 Аԥсны акриптовалиута арҳарази амаининг азы амаругақәеи атәылахь раагаразы аԥкрақәа рыҿҳәара 2026 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа иацҵоуп.