Аҳаиртә еилахәырақәа "Икар", "Аҩадатәи аԥша", "Аерофлот" Аҟәаҟа аԥыррақәа рымҩаԥгараз рылшарақәа аус рыдырулоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атранспорт аминистрра.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит анаҩстәи ареисқәа Аҟәаҟа реиҿкаара шалыршахо:
▪️авиоеилахәыра "Итар" — Уфантәи рашәара 3 инаркны,
▪️авиоеилахәыра "Аҩадатәи аԥша" — Казанынтәи рашәара 4 инаркны,
▪️авиоеилахәыра "Аерофлот" — Москвантәи лаҵара 31 инаркны.
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳаиреимадара лаҵара 1 инаркны ихацыркхоит.