Аҟәеи Москвеи рыбжьара 30 шықәса раахыс ираԥхьаӡатәиу аҳаиреимадара лаҵара 1 азы ихацыркхоит.
Аилахәыра "ЮВТ Аэро" иатәу аҳаирплан аҳаирбаӷәаза "Внуково" аҟынтәи
аԥыррақәа мҩаԥнагалоит.
Аҳаирплан аҿы апассаџьырцәа ирзыԥшуп:
▪️агәалашәаратә ҳамҭаҷқәеи аԥсуа милаҭтә чысқәеи;
▪️аекипаж акомандаҟаҵаҩ иҟынтәи аԥсшәаҳәара;
▪️ахәыҷқәеи адуцәеи рзы арлахҿыхратә программа.
Аҳаирбаӷәаза аартра иазку аусмҩаԥгатә ахь ааԥхьара рыҭоуп аветеранцәа, зҽаԥсазтәыз аусзуҩцәа, Аԥсны актәии аҩбатәии ахадацәа – Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи рҭаацәа.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы раԥхьатәи апассаџьырцәа кәашарала-шәаҳәарала ирԥылоит, урҭ атрадициақәа ирызку ажәабжьқәа рзеиҭарҳәоит.
🖇
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса раахыс аус ауӡомызт. Урыстәыла алахәны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 2023 шықәсазы ирылагеит, раԥхьатәи аԥышәаратә ԥырра ҳазҭоу ашықәс жәабран 7 азы имҩаԥысит.