Your trial period has ended!
For full access to functionality, please pay for a premium subscription
Message
52
🔸Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аадыртуеит Абӷархықә ақыҭан лаҵара 9 рзы.

Абаҟа ақәша-мыкәша 350 метр ԥшьаркца инарзынаԥшуа ахаҳә ҟьаԥс шьҭарҵеит, 80 шьаԥы рҟынӡа аҵлақәа еиҭарҳаит, 80 метра агәараанда ҿыц акәдаршеит, иара убас аӡыршә маҷ дыргылеит аӡыжәра зҭаху рзы ҳәа Sputnik иазеиҭаиҳәеит ақыҭа ахада Дауҭ Смыр.

Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз абаҟа гранитла ичаԥахоит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду зхы ақәызҵаз рыхьӡқәа зну амемориалтә ӷәқәа ԥсаххоит, Аԥсны Жәлар реибашьраан иҭахаз аҵеицәа рсахьақәа ҿыц еиҭашьақәыргылахоит.

"Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага абӷархықәаа 200-ҩык аԥсадгьыла ахьчараз игылеит, урҭ рахьынтәи рышьҭахьҟа изыхнымҳәӡеит 93-ҩык аибашьцәа. Урҭ рыбжьара дыҟоуп, иахьа ҳашкол зыхьӡ аху Михаил Цәышба", — ҳәа азгәалҭеит Абӷархықәтәи абжьаратә школ аиҳабы Ванда Аџьба.

📎 Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы ахарџь Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд иазоунажьҭит, ахәҭак Аԥсны аиҳабыреи ақыҭа ауааԥсыреи ацхыраара ҟарҵеит.
04/29/2025, 18:41
t.me/sputnik_apsny_info/8818
Similar message chronology:
Newest first
Similar messages not found