Your trial period has ended!
For full access to functionality, please pay for a premium subscription
Message
52
Ауаажәларратә Палата Аԥсны ахадеи Жәлар Реизара-Апарламент ахантәаҩи рахь идәықәнаҵоит аҳәынҭқарра аргылареи, аҭыԥантәи ахаланаԥхгареи, ауаажәларратә еицәажәара аҿиареи рзы АП акомиссиа иазнархиаз аконституциатә еиҭакрақәа апроект.

Адокумент иазпхьагәаҭоуп:

▪️Апарламент ахь алхрақәа еилаԥсоу асистема ахь аиасреи, адепутатцәа рхыԥхьаӡара 45-ҩык рҟынӡа аизҳареи (30-ҩык апартиатә сиақәа рҟынтәи ралхра, 15-ҩык амандатк змоу алхратә ҭыԥқәа рҿы);

▪️ Адепутатразы акандидатцәа рықәра 25 шықәса инаркны 30 шықәса аҟынӡа ашьҭыхра, ихымԥадатәиуп иреиҳау аҵарадырреи хәышықәсатәи аусуратә ԥышәеи амазаара;

▪️Аиҳараҩык аиааира згаз апартиа аҟнытә — апарламент аиҳабыс иалхра, реиҳа имаҷны адгылара зауз апартиа — апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩс иалхра;

▪️Аԥсны апрокурор хадеи, Аԥсуа телехәаԥшра ахантәаҩи, агазеҭқәа "Республика Абхазия", "Аԥсны", аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" аредакторцәеи, Аԥсны Амилаҭтә Банк аиҳаби Жәлар Реизара ишьақәнырӷәӷәаларц.

▪️Атәыла ахада Жәлар Реизара адепутатцәа аԥыза-министрс ирыдигало акандидатурақәа ҩынтәны мап ркыр, урҭ реимырпразы амеханизм аԥҵара.
04/29/2025, 17:36
t.me/sputnik_apsny_info/8817