🔸Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз афырхацәа рмемориал аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит лаҵарамза 5 рзы.
Аџьаз иалху аҟама зку аибашьҩы искульптура рыцқьоуп, ҭыԥқәак рҟны аплитақәа ԥсахуп. Аусурақәа зегьы нагӡоуп Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд аҟынтәи иазоужьу аԥарақәа рыла иҳәеит ақыҭа ахада Беслан Тәанба.
🖇 Абаҟа аартын 1989 шықәсазы. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан 125-ҩык дәрыԥшьаа рҵеицәа аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Уи автор — аскульптор Борис Гьерзмаа.