Зеибашьратә мҩа Украинантәи иалагаз, Европа атәылақәа жәпакы ирхысыз, аҵыхәтәаны Германиа, Берлин Аиааира иаԥылаз Мгәыӡырхәатәи арԥыс, Лад Мураҭ-иԥа Ӡаԥшьба изкуп анаҩстәи анҵамҭа.
Лад Ӡаԥшьба иеибашьратә мҩа алагоит Данецкынтәи. Иара аимадаҩс дыҟан. Далахәын Болгариа, Венгриа, Румыниа имҩаԥысуаз ажәыларақәа. Аҵыхәтәаны днаӡоит Берлинынӡа, убраауп Аиааирагьы дахьаԥыло. Афронт аҟны иааирԥшыз алшамҭақәа рзы ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Аџьынџьтәылатәи Аибашьра Ду аорден" II-тәи аҩаӡара.
Ажәабжь анҵоуп имаҭа Регина Ӡаԥшьԥҳа лажәақәа рыла.
Инарҭбаау аматериал шәаԥхьар ҟалоит абри азхьарԥш ала —
Аиааира ду ҳзаазгаз — 80 шықәса.