Аԥсны атәылауаҩ Баҭал Шьакаиа иҷыдоу арратә операциа аҟны дҭахеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа.
Урыстәылатәи аруаа аибашьҩы иԥсыбаҩ рыманы Ростовнтәи амҩа иқәлахьеит, урҭ аҳәааҟны ирԥылоит АҶА аусзуҩцәа.
Кәыҵниа иажәақәа рыла, Баҭал Шьакаиа хатәгәаԥхарала еибашьра дцеижьҭеи рацәак ҵуамызт, иара мчыбжьык аԥхьа дҭахеит.