Очамчыра араион Оҭаԥ ақыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду рфырхацәа рбаҟа аргылара иаҿуп иҳәеит ақыҭа ахада Ҭенгьыз Адлеиба.
Ақыҭа ахада иажәақәа рыла, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан иҭахеит 72-ҩык инареиҳаны отаԥаа, урҭ ргәаларшәаразы абаҟа рызгылаӡамызт ақыҭаҿы.
Амшцәгьакәа ирхьмырԥшкәа аусурақәа мҽхакыҭбаала ирҿуп, аусҭацәа Аиааира амш маи 9-нӡа иахьырыгӡар рҭахуп иҳәеит иара.
🖇 Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи рфырхацәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы Урыстәыла ацхыраара ҟанаҵоит, Владимир Путин хаҭала иҟаиҵаз адҵала ари аус аԥара азоужьуп.
Аԥсны ақыҭақәа 71 аԥарақәа роуеит: Гәдоуҭа араион — 20 қыҭа; Очамчыра араион — 16 қыҭа; Тҟәарчал араион — 11 қыҭа; Гал араион — 10 қыҭак; Гагра араион — 9 қыҭак; Гәылрыԥшь араион — 3 қыҭак; Аҟәа араион — 2 қыҭак.
Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит
абра.