Лыхны ақыҭахь ахаҵәирҭаҿы х-машьынак еиҿасит, руак ажра иҭаҳаит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аӡәгьы дҭамхаӡеит, ааха зауз ахәышәтәырҭахь инагоуп ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Аҭыԥ аҿы аусеилыргаратә гәыԥ аус ауеит. Иҟалаз шыҟалаз инарҭбааны аҭҵаара мҩаԥысуеит.