Аԥсуа-абаза жәлар рконгресс иатәу Акультура – спорттә проект "Абаза жәлар рыхәмаррақәа" Урыстәылазегьтәи аицлабра "Ты в игре" афиналбжахь инеит. Абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿар аус рыцурази абаҩрҵәырази аҟәша аиҳабы Валери Берзениа.
Иара иажәақәа рыла, аиааиразы еиндаҭлон 5 нызқьҩык рҟынӡа алахәцәа. Ҳашьцәа абазақәа абриаҟара команда ахьыҟаз афиналбжахь анеира ахьрылшаз қәҿиара дууп, уажәшьҭа афинал ахь инеины иаиааиразы абжьыҭирақәа раан ацхыраара раҳҭароуп иҳәеит.
Ас еиԥш аҩаӡара ҳарак аанкылара шԥарылшахеи, афинал ахь ацәырҵраз алахәцәа лшарақәас ирымоузеи, иарбан ԥҟарақәоу, хыдҵақәоу акультура-спорттә проект иазықәыргылоу, афинал ахь инеиразы ҳауаажәлар рҟынтәи цхыраарас ирҭаху уҳәа ртәы инарҭбааны
шәахәаԥшыр шәылшоит Sptunik Аԥсны асаит аҟны.