Message
51
Аԥсны Нижни Новгород имҩаԥысраны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль иалахәхоит, уи азы арзаҳалқәа ралаҵара мҩаԥысуеит ҳәа иҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәнҭеилакы аҿар рыҟәша аспециалист хада Ахра Бебиа.

Аусмҩаԥгатә иалахәхар рылшоит 14-35 шықәса зхыҵуа, арҿиара, аспорт, аҳәынҭқарратә напхгара, абизнес рҿы зхы аазырԥшыз аҿар.

"Аҽҭаҩра мҩаԥысуеит ԥхынгәы 20 рҟынӡа. Иҳаҩсыз ашықәс азы Адунеизегьтәи афестиваль ахь 100-ҩык ҳашьҭит, уи алахәхаразы 900-ҩык арзаҳалқәа шрырҭазгьы", — ҳәа азгәеиҭеит Бебиа.

Иҳаҩсыз ашықәсазтәи афестиваль алахәылаҩ Беслан Аршба иазгәеиҭеит ари аусмҩаԥгатә ҩаԥхьа даҭаар шиҭаху.

"Сара ари ахҭыс даҽазныкгьы схы аласырхәырц сҭахуп, избан акәзар, уаанӡагьы Адунеизегьтәи афестиваль салахәын, уи даара сгәы иахәо агәалашәара бзиақәеи аибадыррақәеи рацәаны исзыннажьит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

📎 Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль раԥхьаӡа акәны 2024 шықәса хәажәкырамзазы Сириус имҩаԥысит. Афестиваль фы-шықәса рахь знык имҩаԥысуеит, уи абжьара Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи алахәылацәа рзы иара ахылаԥшрала жәларбжьаратәи атематикатә еизарақәа еиҿкаахоит.
By continuing to use our service, you agree to the use of cookies.
To find out more about how we use cookies, please review our Privacy Policy