Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ацхыраара лас аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа
рыдиныҳәалеит.
"Ацхыраара лас аусзуҩцәа зегьы, уи амҩақәҵаҩ, арныҟәцаҩ, афельдшер, аҳақьым, аҟәша анапхгаҩы зегьы-зегьы ачҳара, ауаҩы ирыцҳашьара, хамеигӡарала рус иазнеиуеит. Аҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы шәуалԥшьеи шәзанааҭ ахь ишәымоу аҭакԥхықәреи нашәыгӡоит", — иҳәеит иара.
Амедусзуҩцәа рус иацу ауадаҩреи аҭакԥхықәреи азгәеиҭеит Быҭәба, дара аҭынчреи, ачҳареи, агәабзиареи рзеиӷьеишьеит.