Message
51
🔸XV Афольклор-вокалтә ансамбльқәа рреспубликатә фестиваль "Раида" мҩаԥысуеит мшаԥымза 30 рзы.

Афестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны иҟоу авокал-инструменталтә, ахор-фольклортә ансамбльқәа, иара убас москватәи афольклортә шоу-гәыԥ иҳәеит афестиваль анапхгаҩы, Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа.

Афестиваль аадыртуеит аетнографиатә ансамбль "Нарҭаа".

Афестиваль хықәкыс иамоу — амилаҭ музыкатә фольклортә ҭынха аиқәырхара, аҿар жәлар рмузыка адыԥхьалара, жәлар рҟазара арҿиароуп иҳәеит Кәарҷиа.

Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.
By continuing to use our service, you agree to the use of cookies.
To find out more about how we use cookies, please review our Privacy Policy