🔶 Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҿы иаатит ацәыргақәҵа "Иаҳзеиԥшу Аиааира – 80 шықәса".
Ацәыргақәҵа аекспозициаҿы еизгоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҭоурых еиуеиԥшым аамҭахәҭақәа ртәы еиҭазҳәо афотосахьақәеи адокументқәеи, Кавказ азы аибашьрагьы уахь иналаҵаны.
Уи адагьы, ацәыргақәҵаҿы аԥснынтәи иалҵыз 24-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа рфотосахьақәа цәыргоуп.
"Асовет Еидгыла Афырхацәа рхыԥхьаӡара уажәгьы ишьақәыргылам, раԥхьа 22-ы ракәын иҟаз, анаҩс – 23-ҩык, 24-ҩык. Иара убасгьы иҟоуп Афырхаҵа ҳәа ахьӡ роурц зыӡбахә ҳәаз, аха измоуз", — ҳәа азгәалҭеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахантәаҩра аусзуҩ Наталиа Каиун.
🖇 Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститути рыцхыраарала, Афонд "Аԥсадгьыл аҭоурыхи" Урыстәылатәи аҭоурыхтә Еилазаареи рыдгыларала ацәыргақәҵа аздырхиеит.