Аиааира Дуӡӡа амш – Аԥсны атәылауаа зегьы еидызкыло рыцхәуп ҳәа азгәеиҭеит Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Жәларбжьаратәи афорум "Аҭынха ду – еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш" апленартә еилатәараҿы
дықәгыло.
"Аԥснынтәи афронт ахь ицеит 55-нызқьҩык инареиҳаны аибашьцәа. Урҭ хҩык рахьынтәи аӡәы аибашьра адәы аҟны даанхеит. Милаҭрацәала Аԥсны инхо ауааԥсыра афронтқәа зегьы рҿы еибашьуан. Дара Москвеи Сталингради рыхьчеит, Украина, Белоруссиа, Асовет Еидгыла мраҭашәаратәи арегионқәеи Мрагыларатәи Европеи рхы иақәиҭыртәит, Реихстаг ргеит, аиааира Берлин иазгәарҭеит", — ҳәа иҳәеит Ашәба.
Иазгәеиҭеит, Аԥсни Урыстәыла ахада игрантқәа рфонди ирыбжьоу аусеицура ҷыда иабзоураны иахьа ареспубликаҿы аибашьраан иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟақәа реиҭашьақәыргылара ишаҿу.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи атыл аусзуҩцәеи рыцхырааразы иҟарҵо рацәоуп. Аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара иазку хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа еснагь традицианы иҟан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Апарламент аиҳабы.
Ашәба иҳәеит Аԥсны Урыстәыла имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциа адгылара шанаҭо, иазгәеиҭеит Аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа урыстәылатәи аибашьцәа ирывагыланы ишеибашьуа, ишҭахуа.
"Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара ахәдықәҵас, астратегиатә партниорс иҟан иагьыҟазаауеит".