Акриптовалиута арҳаразы 22 аппарат ԥшаан Аҩада Ешыра ақыҭан ҳәа аанацҳаит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Уаҩ дызхым ахыбраҿы аппаратқәа афымцамч иаҿакын. Аԥшәма — атәылауаҩ Дертлиан С.А.
Аппаратқәа зтәыз имхуп, азинеилагаразы административтә ус хацыркуп.
🖇Аԥсны акриптовалиута арҳарази амаининг азы амаругақәеи атәылахь раагаразы аԥкрақәа рыҿҳәара 2026 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа иацҵоуп.