Сообщение
SP
610 подписчиков
Репост
53
Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Константин Чалмаз диижьҭеи 105 шықәса ҵуеит иахьа (1920 - 1997).

Аԥсуа театр адрамстудиа далганы, аррамаҵура дшахысуаз ауп аибашьра шҵысы, усҟан 21 шықәса ихыҵуан. Афронт аҿы иуалԥшьа наигӡеит гәымшәарыла. Ианашьоуп Аеҵәа Ҟаԥшь аорден, "Кионигсберг агаразы" амедал, "Германиа аҵархаразы" амедал, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аорден I аҩаӡара.

Лыԥхала иҩныҟа дхынҳәуеит алеитенант еиҳабы ичын иманы. Аусура далагоит Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҟны администрасторс, нас директорс. Константин Чалмаз ҩажәа шықәса инареиҳаны Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониа адиректорс дыҟан (1965 - 1987). Политикала Қарҭ ҳанахьԥшыз аамҭазы, аԥсуа культура аҿиара амҩа азҭоз дреиуан. Иара ихаан иаԥҵан, қәҿиаралагьы аус руан арҿиаратә коллективқәа 19: "Раида", ахәыҷтәы акьанџьатә театр, Асатиреи аиумори ртеатр "Чарирама" уахь иналаҵаны. Аихьӡарақәеи азҳарақәеи ацын ҳҟазара.

Аԥсуа филармониа асценаҿы еиԥҟьарада аконцертқәа мҩаԥысуан, егьырҭ атәылақәеи ақалақьқәеи рҟынтә асасцәа ааны иқәгылон.

Еицырдыруа аԥсуа композитор, Жәлар рартист Ражьден Гәымба игәалашәарақәа рҟны иҳәоит Константин Чалмаз иганахьала арҿиаратә гәыԥқәа еснагь ахылаԥшра ду шрымаз, еиуеиԥшым амузыкатә аԥҵамҭақәа рыла ишеиқәыршәаз, ҳәатәеиқәшәала аус шыруаз.

Хашҭра иқәымзааит ламысла акультура амаҵ азызуаз ауаҩ нага, афырхаҵа!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Продолжая пользоваться нашим сервисом, вы соглашаетесь на использование файлов cookie.
О том, как мы используем файлы cookie, ознакомьтесь в разделе Политика конфиденциальности