Mensagem
53
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа 2024-2025 шықәсқәарзтәи ацитрустә сезон аихшьаалақәа ҟарҵеит.

Аганқәа рылацәажәеит:

▫️Аԥснынтәи ашәыр-уҭраҭыхтә аалыҵқәеи ралгараан аҳазалхратә усмҩаԥгатәқәа ирыдҳәалоу апроблематә зҵаарақәа;

▫️агәаҭаратә пунктқәа русура;

▫️аамҭеидара аныҟоу аамҭазы аҳазалхратә усурақәа реишьаршәалара.

Иааиуа акурорттә сезон атуристцәа рхыԥхьаӡара аганахьала рекордтә сезонны иҟалар алшоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны атуризм аминистрра.

Аиԥылара алахәылацәа иазгәарҭеит ирыдыркыло аусӡбарақәа 2025 шықәсазтәи атуристтә сезон аангьы Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аушьҭратә лшарақәа шдырҳаракуа.
Ao continuar a utilizar o nosso serviço, você concorda com o uso de cookies.
Para saber mais sobre como usamos cookies, consulte nosso Política de Privacidade