Mensagem
20
Ауаажәларра- гәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу ауаа алаҵатәқәеи аиҭаҳатәқәеи рыла реиқәыршәаразы акциа иацнаҵоит. Абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын.

"Акциа мҩаԥаҳгоижьҭеи фышықәса ҵуеит. Усҟан ақыҭанхамҩа аминистрра ҳареи аимадара еиҿаҳкаан, урҭ рыбзоурала 7 нызқь шьапы ашәыр аиҭаҳатәқәа рзаҳшеит. Хышықәса рышьҭахь излагәаҳҭаз ала — 50 шьапы ҭаацәацыԥхьаӡа ирзаҳшеит, ҳәарада, алҵшәа бзиа ҳбеит. Уи ашьҭахь ҳгәы иҭаҳкит ауҭраҭых аиҭаҳатәқәеи ажәлақәеи рыҭара ҳалагарц", — иҳәеит Аргәын.

Аргәын иажәақәа рыла, иааидкыланы 200 ҭаацәара акциа иалахуп.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра.
Ao continuar a utilizar o nosso serviço, você concorda com o uso de cookies.
Para saber mais sobre como usamos cookies, consulte nosso Política de Privacidade