Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа 94-ҩыки Ленинградтәи аблокада иалҵыз 368-ҩыки лаҵарамзатәи аныҳәақәа рзы хәыда-ԥсада адәыӷбатә билеҭқәа рзеиҿыркааит.
"Урыстәылатәи адәыӷбамҩа" ҳәаа змам акциа иацҵоуп – Урыстәыла иахьаҵанакуа иныҟәо адәыӷбақәа рбилеҭ ахарҭәаара ҟалоит.
Еиҳарак Шәача, Кисловодск, Ҟрым, Москва, Санкт-Петербург, Калининград, Казан, Смоленск, Иарославль, Архангельск, Волгоград, Нижни Новгород ақалақьқәа рахь ауп апутиовкақәа ахьырго.
Аветеранцыԥхьаӡа дымҩаԥызго аӡәы дрыцзар ҟалоит хәыда-ԥсадала.
📎 2016 шықәса раахыс 17,8 нызқьҩык аветеранцәеи урҭ мҩаԥызго ауааи хәыда-ԥсада имҩаԥган. 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны – 20,2 нызқьҩык инареиҳаны Ленинград аблокада иҭакыз ауааи урҭ рымҩаԥгаҩцәеи.