Mensagem
25
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ацхыраара лас аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

"Ацхыраара лас аусзуҩцәа зегьы, уи амҩақәҵаҩ, арныҟәцаҩ, афельдшер, аҳақьым, аҟәша анапхгаҩы зегьы-зегьы ачҳара, ауаҩы ирыцҳашьара, хамеигӡарала рус иазнеиуеит. Аҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы шәуалԥшьеи шәзанааҭ ахь ишәымоу аҭакԥхықәреи нашәыгӡоит", — иҳәеит иара.

Амедусзуҩцәа рус иацу ауадаҩреи аҭакԥхықәреи азгәеиҭеит Быҭәба, дара аҭынчреи, ачҳареи, агәабзиареи рзеиӷьеишьеит.
Ao continuar a utilizar o nosso serviço, você concorda com o uso de cookies.
Para saber mais sobre como usamos cookies, consulte nosso Política de Privacidade