O seu período de teste terminou!
Para acesso total à funcionalidade, pague uma subscrição premium
Mensagem
35
2025 шықәса актәи аԥшьбара аҩнуҵҟа Аԥсны Аҳәынҭқарра АШәМи Урыстәылатәи Афедерациа АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи русзуҩцәа 100-ҩык инареиҳаны азинеилагаҩцәа ааныркылеит Егры аҳәааҿы.

Урҭ рахьтә ԥшьҩык ашьауӷатә ҭакԥхықәра рыдҵан аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысразы, егьырҭ – административтә ҭакԥхықәрақәа рыдҵан аҳәаахьчаратә ԥҟарақәа реилагаразы.

Уи адагьы, аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада аидарақәа рахыгаразы 15 ҽазышәара аԥырҟәҟәаан ҳәа аанацҳауеит АШәМ апресс-маҵзура.
28.04.2025, 16:13
t.me/sputnik_apsny_info/8783