Mensagem
50
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу аделегациа алахәуп афорум "Аҭынха ду — еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш".

Афорум мҩаԥысуеит мшаԥымза 28-29 рзы Волгоград, уи Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз иаԥшьнагеит Беларусиеи Урыстәылеи Жәлар Реизаратә хеилак.

ИАР атәылақәеи, Азиеи, Латинатәи Америкеи, Европеи рхаҭарнакцәеи, аусдырцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи инарываргыланы аԥсынтәи адепутатцәа алахәхоит апатриоттә ааӡареи, аҭоурых ахьчареи аиқәырхареи ирызку аилатәарақәа.
Ao continuar a utilizar o nosso serviço, você concorda com o uso de cookies.
Para saber mais sobre como usamos cookies, consulte nosso Política de Privacidade