Аҟәа иазгәарҭеит ачерқьес бираҟ амш.
Уи 2010 шықәса инаркны иазгәарҭоит, Аԥсны раԥхьаӡа акәны ари аныҳәа иаԥылеит ачерқьес емигрантцәа рхылҵшьҭрақәа 2016 шықәса рзы.
Ишаԥу еиԥш, Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьессиа еиҿыркаауеит аконцертқәа, ҽыла аныҟәарақәа, автомҩанысрақәа, аспорттә еицлабрақәа.
Ари арыцхә адунеи атәылақәа 50 инареиҳаны рҿы ачерқьесцәа рхылҵшьҭрақәа иазгәарҭоит.
Авидео © АТ